Қырҭтәыла апрокуратура 2019 шықәсазы Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа  аартра иадҳәалоу аусеилыргара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла апрокуратура 2019 шықәсазы Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа  аартра иадҳәалоу аусеилыргара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла апрокуратура 2019 шықәсазы Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа  аартра иадҳәалоу аусеилыргара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

Қырҭтәыла апрокуратура адыррақәа рыла, аусеилыргара мҩаҧысуеит асаботажи, асаботаж аҽазкреи, атәым аиҿкаара ма атәым ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу аиаҿкаара аҕатә усураҿы ацхраареи, иара убас, Қырҭтәыла аконституциатә аиҿкаашьа иаҿагыло ауранагӡаразы аҧара аизгареи афакт азы.

«Аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, егьырҭ азҵаарақәа ирываргыланы, шьаҭанкыла иҭаҳҵаауеит  2019  шықәса нанҳәа 24 рзы ампыҵахалатә цәаҳәа инаваршәны, Чорчана ақыҭа иазааигәаны Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистр Гьаргь Гахариа иоуранагӡара. Аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашаҳаҭ иаҳасабала даарыҧхьеит усҟан Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иахагылаз Вахтанг Гомелаури.

Ишыжәдыруа еиҧш, Чорчана ақыҭан агәаҭара-аужьҭратә пункт аартра иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа рыҭҵаара иаҿуп апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиаҿгьы, Гьаргь Гахариа аилыркаарақәа рыҟаҵаразы акомиссиа аилатәарашҟа иҧхьеит. Аусеилыргара инагӡоит, ауаа аамҭа-аамҭала аинформациа раҳҭоит», — иануп апрокуратура аҳәамҭаҿы.