Қырҭтәыла апрокуратура Алеко Елисашвили ихарадҵара иазку аофициалтә информациеи иашьашәалоу авидеоматериалқәеи аланарҵәеит
Қырҭтәыла апрокуратура «Қырҭтәыла ҕәҕәа — Лело» алидерцәа иреиу Алеко Елисашвили ихарадҵара иазку аофициалтә информациеи иашьашәалоу авидеоматериалқәеи аланарҵәеит.
Апрокуратура Алеко Елисашвили ахара иднаҵеит Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы «Атеррористтә акт амҩаҧгара аҽазкразы».
Ари ахарадҵарала иазҧхьагәаҭоуп 10 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра.
Ахарадҵаратә ган адыррақәа рыла, Қырҭтәыла апрокуратуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи еицымҩаҧыргаз аусеилыргара алҵшәақәа инрықәыршәаны, сынтәа, абҵара 29 асааҭ 04:00 рзы, Алеко Елисашвили, амцабџьари, аҧжәагақәеи, атерракт амҩаҧгаразы иаҭаху егьырҭ амаҭәарқәеи иманы, Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аусмҩаҧгарҭа ахыбра афасад аҧенџьыр ҧҽны, ахыбра дыҩналеит.
Закәандарала ахыбра иҩналаз Алеко Елисашвили аҩнымаҭәеи адокументқәеи абензин рықәиҭәан, амца рыцреиҵар иҭахын.
Ахарадҵара аверсиа инақәыршәаны, «Елисашвили ахыбраҿ иҟаз ахьчаҩцәа дырҿагылан, амцабџьар ахархәара иҽазикит. Иара 5-6 минуҭ рыҩныҵҟа азинхьчаҩцәа драқәҧон, анеҩс, анеитрализациа изуны дааныркылеит», — иануп апрокуратура адырраҿы.