Алеко Елисашвили  аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала аҭакра иқәырҵеит
Алеко Елисашвили  аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала аҭакра иқәырҵеит

Акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа – Лело» алидерцәа иреиу  Алеко Елисашвили аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала аҭакра иқәырҵеит.

Ақәҵара идикылеит Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ.

«Сара атәылаҿ иҟоу аиашамреи, арепрессиақәеи, амчылареи зблыр сҭахын. Аӡәы дысшьыр сҭахызшәа агаӡара схарарҵоит. Аӡә дысшьыр сҭахызҭгьы, уаҟа иҟаз азинхьаҩцәа рыҧсы ҭаны изаанхомызт. Сара абџьар ахархәара здыруеит. Сара аиашамра зблыр сҭахын. Аҩны ҧсыӡкра сцоит ҳәа расҳәеит, зегьы заанаҵы исырмазеит», — иҳәеит  Алеко Елисашвили аӡбаратә аилатәараҿы.

Ахарадҵаратә ган адыррақәа рыла,  Қырҭтәыла апрокуратуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи еицымҩаҧыргаз аусеилыргара алҵшәақәа инрықәыршәаны,  сынтәа,  абҵара  29 асааҭ  04:00 рзы, Алеко Елисашвили,  амцабџьари,  аҧжәагақәеи,  атерракт амҩаҧгаразы иаҭаху егьырҭ амаҭәарқәеи  иманы, Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аусмҩаҧгарҭа ахыбра афасад аҧенџьыр  ҧҽны,  ахыбра дыҩналеит.

Закәандарала ахыбра иҩналаз Алеко Елисашвили аҩнымаҭәеи адокументқәеи абензин рықәиҭәан,    амца рыцреиҵар иҭахын.

Ахарадҵара аверсиа инақәыршәаны,  «Елисашвили ахыбраҿ иҟаз ахьчаҩцәа дырҿагылан,  амцабџьар ахархәара иҽазикит. Иара  5-6 минуҭ рыҩныҵҟа азинхьчаҩцәа драқәҧон, анеҩс, анеитрализациа изуны дааныркылеит