Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Иахьа ашырҧаз Алеко Елисашвили Қарҭ ақалақьтә аӡбара аусмҩаҧгарҭа ахыбра амца ацраҵара иҽазикит
Иахьа ашырҧаз, акаолициа «Лело – Қырҭәтыла ҕәҕәа» алидерцәа иреиу Алеко Елисашвили Қарҭ ақалақьтә аӡбара аусмҩаҧгарҭа ахыбра амца ацраҵара аҽазкразы даанкылоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.
«Сынтәа, абҵара 29 рзы, ашырҧаз, Алеко Елисашвили, Қарҭ ақалақьтә аӡбара аусмҩаҧгарҭа ахыбра афасад ҧҽны, маӡала аҩныҵҟа дыҩналаны, ахыбра абензин ақәҭәаны, амца ацреиҵар иҭахын.
Иара уааҵәҟаьа даанкылан. Елисашвили, иара имаз амцабџьарла азинхьчаҩцәа дырҿагылеит. Азинхьчаҩцәа руаӡәы ахәшәтәырҭашҟа днагоуп. Елисашвили ихаҭагьы аахақәа иоуит.
Уажәазы аусеилыргара мҩаҧысуеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 19-187 ахәҭаҷла», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.