Акаолициа «Қырҭтәыла ҕәҕәа — Лело» алидерцәа иреиу Алеко Елисашвили Ашьауҕатә закәанеидкыла 323 ахәҭаҷ актәи ахәҭала ахара идырҵеит – атеррористтә акт азы, ари ахарадҵарала иазҧхьагәаҭоуп 10 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра.
«Алеқсандр Елисашвили дтеррориступ ҳәа рҳәеит», — иҳәеит адукат аизолиатор данҭыҵ.
Адукат иҳәамҭала, Алеко Елисашвили ари ахара иазхеиҵом, иара ишиҳәаз ала, иҟаиҵаз афакт апротест аформоуп.
«Алеқсандр Елисашвили иҟаиҵаз иазхеиҵоит, аха, уи ацәгьауроуп ҳәа иҧхьаӡом. Абри ауп ҳахлацәажәо. Уи апротест аформа акәын», — иҳәеит адукат.
Алеко Елисашвили иацы даанкылан. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, иара Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аусмҩаҧгарҭа ахыбра амца ацреиҵар иҭахын.