Америка ацҳаражәҳәарҭа – Иахьа Қырҭтәыла Апрокуратура иҟанаҵаз аҳәамҭа ҳазыразуп, уи Қырҭтәылеи Америкеи рзинхьчаратә усбарҭақәа акыраамҭатәи русеицура иабзоуроуп
Америка ацҳаражәҳәарҭа хаҿқәак раанкылара иазкны иахьа Қырҭтәыла Апрокуратура иҟанаҵаз аҳәамҭа иақәҿнаҭын, Қырҭтәыла Апрокуратуреи, иара убас, аусеилыргареи аоперациеи ирылахәыз азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәеи ҭабуп ҳәа рарҳәеит.
„Хаҿқәак раанкылара иазкны иахьа Қырҭтәыла Апрокуратура иҟанаҵаз аҳәамҭа ҳазыразуп, арҭ ауаа ахара рыдуп Қырҭтәыла атәылауаа ржьареи, закәандарала Америка алалареи, адокументқәа рҧаршеиреи азы. Уи Қырҭтәылеи Америкеи рзинхьчаратә усбарҭақәа акыраамҭатәи русеицура иабзоуроуп. Қырҭтәыла Апрокуратуреи, иара убас, аусеилыргареи аоперациеи ирылахәыз азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит“, – иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла Апрокуратура иаланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Апрокуратуреи Америка ацҳаражҳәарҭа Арегионалтә шәарҭадара амаҵзуреи еицымҩаҧыргаз аусмҩаҧгатә иалҵшәаны, ацәгьауратә 2 гәыҧк аарҧшуп.