Вахтанг Гомелаури – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра зыӡбахәы ҳәоу амаҭәашьар ахы анархәон 2012 шықәсанӡа
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра зыӡбахәы ҳәоу амаҭәашьар ахы анархәон 2012 шықәсанӡа. Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны исҳәар сылшоит “Амилаҭтә ҵысра” алахәылацәа ажәытә ҭоурых шаадырҧшыз», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Вахтанг Гомелаури ВВС асиужет даналацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу амаҭәашьар 2012 шықәса ашьҭахь ахархәара амамызт.
«Аиашаз, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра зыӡбахәы ҳәоу амаҭәашьарқәа аахәаны рхы иадырхәон, аха, 2012 шықәсанӡа. Сымҩашьозар, аҵыхәтәаны иаархәеит 2009 ма 2010 шықәсазы. Убри анеҩс Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра арҭ амаҭәашьарқәа аанамхәацт, ахархәарагьы рымамызт», — иҳәеит Гомелаури ателееилахәыра “Имеди” аефираҿ.
ВВС аҿы икьыҧхьын аматериал: «ВВС ашаҳаҭгақәа инрықәыршәаны, ақырҭуа демонстрантцәа рганахьала ахархәара аман Актәи адунеитә еибашьра ахаантәи ахимиатә маҭәашьар». Аинформациа ахыҵҵырҭа аҳасабала ВВС акорреспондент ақырҭуа педиатор Константин Чахунашвилии, Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Лаша Шергелашвилии, аексперт Кристофер Холштегеси рыхьӡқәа иҳәоит. Иара убас, ВВС адыррала, «Қырҭтәыла анапхгара аус аҭҵаара алҵшәақәа ииашам ҳәа иазгәаҭаны, ишырҳәаз ала, аполицаицәа гәымбылџьбаратә ацәгьауцәа рзакәандаратә хымҩаҧгашьазы азакәан инақәыршәаны аҭак ҟарҵон».