Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, ацҳаражәҳәаҩ Вахтанг Гомелаури амаҵзураҭыҧ ҿыц идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
„Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа адәныҟа-политикатәи ахәаахәҭра-економикатәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра абзоурала, атәылақәа реизыҟазаашьақәа иаҳа иҕәҕәахеит. Аиҧылара алахәылацәа азинхьчаратә усхкы аҿы аусеицура анагӡара аҵакы иазгәарҭеит.
Аиҧылара анҵәамҭаз, Вахтанг Гомелаури Ҷоу Циен ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы иҟаиҵаз алагала дуи азыҳәан“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.