Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, авице-аҧыза Вахтанг Гомелаури инапынҵақәа шьҭеиҵеит.
Гомелаури ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
«Жәашықәса еиҳаны Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс сыҟан, Аҳәынҭқарратә шәарҭада амаҵзура сахагылан, атәыла авице-аҧыза-министрс сыҟан. Ҳәарада, акыршықәса ирылагӡаны амаҵзураҭыҧ дуқәа раанкылара мариам, аҧсымчхара ду аҭахуп. Иахьа, атәылаҿ ианҭынчроу, агәыҧ срыҳәеит снапынҵақәа шьҭасҵаратәы алшара сырҭарц, уи абзоурала сҭаацәара – сыҧшәмеи, схылҵи, уажәааны ииз смаҭеи иаҳа аамҭа рзыскыр сылшоит», — иҳәеит Гомелаури.
Аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистр Вахтанг Гомелаури Биӡина Иванишвилии, Иракли Кобахиӡеи, аиҳабыратә гәыҧ алахәылацәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи, аполицаицәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.