Вахтанг Гомелаури иҳәамҭала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи усҟантәи аҧыза-министри Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа аартра иазкны акгьы рыздырӡомызт
Вахтанг Гомелаури иҳәамҭала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи усҟантәи аҧыза-министри Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа аартра иазкны акгьы рыздырӡомызт

Аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистр Вахатанг Гомелаури  иҳәамҭала,  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи усҟантәи аҧыза-министри Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа аартра иазкны акгьы рыздырӡомызт.

Гомелаури ишьақәирҕәҕәеит иара апрокуратурашҟа ишиҧхьаз  2019 шықәсазы Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа аартра афакт иадҳәаланы.

„Сара сахь азҵаарақәа рыман, избанзар, усҟан сара Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура сахагылан. Ишыжәдыруа еиҧш, ампыҵахалара иадҳәалоу  атемақәа зегьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иахылаҧшуеит.

Аҧыҧшырҭа аартра иазкны акгьы сыздырӡомызт, ари азҵааразы аиқәшаҳаҭхара иҟамызт, ианаадырты ашьҭахь ауп ианеилаҳкааз. Аха, уи акәӡам аус злоу, аҧыҧшырҭа иахьыуҭаху иургылар ҟалом,  абри ауп ихадоу», — иҳәеит  Гомелаури.