Аҧыза-министр аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури авице-аҧызас дҟаиҵеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури авице-аҧызас дҟаиҵеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит аиҳабыра радминистрациа.
Иракли Кобахиӡе иахьа иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩит.
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа иаланарҵәаз аинформациа ишану ала, иахьа инаркны, аиҳабыра реилазаараҿы хҩык авице-аҧызацәа ҟалоит. Актәи авице-аҧыза инапынҵақәа наигӡоит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили. Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқованигьы авице-аҧызас дыҟоуп.