Вахтанг Гомелаури Чорчана ақыҭан аҧыҧшырҭа аартра иадҳәаланы апрокуратураҿы иҿахәы иҿырхуеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи аминистр Вахтанг Гомелаури 2019 шықәсазы Чорчана ақыҭан аҧыҧшырҭа аартра иадҳәаланы апрокуратураҿы иҿахәы иҿырхуеит.
Гомелаури ажурналистцәа данырҧылоз ишиҳәаз ала, иара ари аҧыҧшырҭа аартра дақәшаҳаҭымызт.
2019 шықәсазы Чорчана ақыҭан аҧыҧшырҭа анаадыртуаз, Вахтанг Гомелаури Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура дахагылан, Гьаргь Гахариа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
Чорчана ақыҭан аполициатә ҧыҧшырҭа аартра иадҳәаланы, апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәараҿы Гьаргь Гахариагьы азҵаарақәа ирҭеит.