Гьаргь Гахариа - Амандатқәа раҧыхра – алхрақәа раҧхьа аполитикатә ганахьала дара рзы зегьы реиҳа ишәарҭоу амч аҧырхагахара ауп изызку
«Амандатқәа раҧыхра – амуниципалтә алхрақәа раҧхьа аполитикатә ганахьала дара рзы зегьы реиҳа ишәарҭоу амч аҧырхагахара ауп изызку», — иҩит апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа асоциалтә аҳаҿы.
Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла апарламент ала иареи ипартиа 11ҩык алахәылацәеи рпарламенттә мандатқәа раҧыхра афакт дахцәажәеит.
«Ҳара уаанӡагьы уи ҳбахьеит, уи Кремль ашәҟәы игәылжәоу даҟьоуп. Зны аиммунитет аҧыхра, нас, ашьауҕатә усқәа рхәыцреи аполитикатә альтернатива ақәхреи», — иҩит Гьаргь Гахариа.