Гьаргь Гахариа – Сахьыҟазаалакгьы ақәҧара сазыхиоуп, «Ақырҭуа гәахәтәы» ус имарианы сыҽрысҭом, иаҳа еффективла ақәҧара ахьҳалшо уа ҳақәҧароуп, уажәазы Бриуссель сыҟазаара иаҳа аҵакы амоуп
«Сахьыҟазаалакгьы ақәҧара сазыхиоуп, «Ақырҭуа гәахәтәы» ус имарианы сыҽрысҭом», — иҳәеит Бриуссель иҟоу Гьаргь Гахариа Euroskop аинтервиу аҿы.
Гахариа иазҵааит Қырҭтәылаҟа ахынҳәра игәы иҭоума ҳәа.
«Ҳәарада, сгәы иҭоуп. Макьана авизитқәа мҩаҧызгароуп, зны Америка, нас, Британиа Ду. Ҳәарада, схынҳәуеит. Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара иҵегьы изакәытә гаӡароу иҟарҵо заанаҵы исызшәаҳәом. Сара есымша аполитикатә шьаҿақәа ҟасҵоит. Ҳара ҳазынтәгьы иаҳа алшара ахьҳамоу уа ҳақәҧароуп. Сара абра зҵакы дуу ак ҟасҵар сылшозар — араантә сықәҧоит, уахь снеир — уа сықәҧоит. Абахҭа сҭаркыргьы — абахҭаҿ сықәҧоит. уажәазы Бриуссель сыҟазаара иаҳа аҵакы амоуп ҳәа сгәы иаанагоит », — иҳәеит Гьаргь Гахариа.