Гиа Вольски – Гьаргь Гахариа амал ду имоуп, аекспертцәа агәаҭарақәа мҩаҧыргоит, агәра ганы сыҟоуп иара иҟаиҵаз ачарҳәаратә шьаҿақәа рышьҭахь ҳара аихшьаала иаша шыҟаҳҵо
Гиа Вольски – Гьаргь Гахариа амал ду имоуп, аекспертцәа агәаҭарақәа мҩаҧыргоит, агәра ганы сыҟоуп иара иҟаиҵаз ачарҳәаратә шьаҿақәа рышьҭахь ҳара аихшьаала иаша шыҟаҳҵо

«Гьаргь Гахариа амал ду имоуп, аекспертцәа агәаҭарақәа мҩаҧыргоит, агәра ганы сыҟоуп иара иҟаиҵаз ачарҳәаратә шьаҿақәа рышьҭахь ҳара аихшьаала иаша шыҟаҳҵо», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Вольски иҳәамҭала, атәыла хәыҷы апроблема дуқәа ирҭагылан, апандемиа ҟалеит, уи аамҭазы Гахариа дбеиахон, атәыла арбгареи аилаҩынтәреи зхылҵуа аполитикатә процессқәа дрылахәын.

«Адунеи зегьы апандемиа амшала ианаркыз, атәылақәа рацәа рҿы аекономика анкаҳауаз аамҭазы Гьаргь Гахариа Париж аҩны злааихәеи? Уи ахаҵара уадаҩуп, аха, афактқәа иҟоуп. Зҧаршеира ҟамло адокументқәа цәыргоуп.  Ҳара ҳзызхәыцша рацәоуп, аха, ҳтәыла хәыҷуп, ҳәарада, Америка администрациа ҿыц иаадырҧшуа аџьбара ҳара иаҳзаарҧшуам, уи еиҧш аресурсқәаа ҳамам.  Ҳтәыла хәыҷы апроблема дуқәа ирҭагылан, апандемиа ҟалеит, уи аамҭазы Гахариа дбеиахон, атәыла арбгареи аилаҩынтәреи зхылҵуа аполитикатә процессқәа дрылахәын», — иҳәеит Гиа Вольски.