Гиа Вольски – Қырҭтәыла атәылауаҩ аконкреттә политикатә хықәкқәа рзы аҳәаанырцә ишьақәгыло аполитикатә атмосфера дақәныҟәар ҟалом
«Аҳәаанырцә имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, уаҟа аоппозициаа аҧыжәара ду рымам. Аҳәаанырцәа иҟоу ҳтәылауаа рацәам, урҭ алхрақәа рылҵшәақәа рзы анырра рымам», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Вольски иҳәамҭала, дарбанзаалак атәылауаҩ аҭыҧантәи анапхгара рнырра аҵаҟа дыҟоуп, дара ҧшьышықәса рахь знык Қырҭтәылаҟа дааны иконститутциатә ҧхықәра наигӡар, уи ауп алхрақәа рышьҭахь ареалтә алҵшәа аазырҧшуа.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы лабҿаба иубарҭахеит аполитикатә ҭаххара анырразы аресурс акырӡа ишазҳаз. Атәыла зехьынџьара инхо ауаа аҭыҧантәи анапхгара рнырра аҵаҟа иҟоуп. Анапхгара ирҭаххар, арҭ ауаа ҧырхага ду рзааргар рылшоит. Дара ҧшьышықәса рахь знык ртәылашҟа иааны рконституциатә ҧхықәра нарыгӡар, абри ауп алхрақәа рышьҭахь ареалтә алҵшәақәа ҳазҭо.
Хышықәса рышьҭахь Қырҭтәыла аекономикатә ҭагылазаашьа иаҳа еиҕьхоит. Ауаа аҳәаанырцә азакәандаратә хашәла аҧшаара рықшәом. Қырҭтәыла атәылауаҩ аконкреттә политкиатә хықәкқәа рзы аҳәаанырцә ишьақәгыло аполитикатә атмосфера дақәныҟәар ҟалом.
Хышықәса рышьҭахь иаҳа еффективла ахархәара зауа атехнологиатә ресурсқәа рыбзоурала, аҳәаанырцә инхо ауаа рықәыҕәҕәара иаҳа имариахоит, избанзар, араҟа инхо ауаа ацәгьагьы абзиагьы ибзианы ирбоит», — иҳәеит Гиа Вольски.