Гиа Вольски – Арҭбаара азҵаара ианалацәажәо иарбанзаалак иҵаҵгәырку амзызқәка рыла Қырҭтәыла ак ахараҵара рцәыуадаҩхоит
«Арҭбаара азҵаара ианалацәажәо иарбанзаалак иҵаҵгәырку амзызқәка рыла Қырҭтәыла ак ахараҵара рцәыуадаҩхоит. Адемократиа шьҭахьҟацара, атәыла адәныҟатәи ахырхарҭа аҧсахра, алхрақәа рҧаршеира уҳәа, излацәажәо зегьы башоуп, шьаҭак аҵам», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Вольски уаҵәы Еврокомиссиа арҭбаара азҵааразы ицәырнаго аҳасабырба иазкны иазҵааит.
«Дара Кубилиуси, Иукневиченеи, Косси рхатә гәаанагара ашьаҭала аӡбара рыдыркылар, жәаҳәарада, уи Қырҭтәыла ареалтә ҭагылазаашьа аанарҧшуам. Уи ихьанҭаӡоу хықәкуп. Агәра ганы сыҟоуп дара жьҭаара 4-еи, дара изыдгыло акциақәа реиҿкаара иадҳәалоу егьырҭ афактқәеи шыргәаладыршәо», — иҳәеит Гиа Вольски.