Гиа Вольски – Венесуела ишьақәгылахо анапхгара аформа иахьыҧшымкәа, ҳара ҳзы акоуп ихадоу, дара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иазхарҵароуп
Гиа Вольски – Венесуела ишьақәгылахо анапхгара аформа иахьыҧшымкәа, ҳара ҳзы акоуп ихадоу, дара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иазхарҵароуп

«Венесуела ишьақәгылахо анапхгара аформа иахьыҧшымкәа, ҳара ҳзы акоуп ихадоу, дара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иазхарҵароуп», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Иара убас, Вольски ишиҳәаз ала, ақырҭуа напхгара аоптималтә политика мҩаҧыргоит.

«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа ииашоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Даҽа ҳәамҭак аҟаҵара шәарҭан. Венесуела ишьақәгылахо анапхгара аформа иахьыҧшымкәа, ҳара ҳзы акоуп ихадоу, дара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иазхарҵароуп. Абри ауп ҳара ҳасабтәс иҳамоу.

Насгьы, адунеиаҿ аглобалтә процессқәа мҩаҧысуеит, урҭ ауаатәыҩсара рҧеиҧш ҳәаақәырҵоит. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла анапхгара аоптималтә политика мҩаҧыргоит, Қырҭтәыла еиқәзырхаша аполитика мҩаҧыргоит», — иҳәеит  Гиа Вольски.