Гиа Вольски - Қырҭтәыла Гахариа иекстрадициа иаҳәоу иамыхәоу ирыӡбоит иашьашәалоу аструктурақәа
Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски иҳәамҭала, Гахариа Чорчана иадҳәалоу ашьаҿа ҟаиҵеит аӡәгьы димазҵаакәа. Убри аҟынтә, ари ашьаҿа хықәкыла иҟаҵан ҳәа агәҩара рымоуп.
«Қырҭтәыла Гахариа иекстрадициа иаҳәоу иамыхәоу ирыӡбоит иашьашәалоу аструктурақәа. Ари аҭагылазаашьа ҳахәаҧшыр, зыӡбахәы ҳәоу ашьаҿа Қырҭтәыла алҵшәа цәгьақәа азаанагеит. Гахариа аӡәгьы димазҵаакәа ари ашьаҿа ҟаиҵеит. Убри аҟынтә, ари ашьаҿа хықәкыла иҟаҵан ҳәа агәҩара ҳамоуп. Усҟан Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ду ацәыӡит, ампыҵахалатә зона иҵегьы иҭбаахеит. Рашәара 20 ҳалацәажәозар, Страсбург аполициаа рыгхақәа реилыргара иаҳәоит. Усҟан атәыла анапхгара, конкретла Гахариа, аполициаа изакәытә ҭагылазаашьоу изҭадыргылаз? Сааҭқәак ирылагӡаны аполицаицәа ақәылара ҕәҕәа аҿаҧхьа игылан, акгьы ҟарҵомызт, урҭ раҳаҭыр ладырҟәон, анеҩс, Страсбург зеилыргара иаҳәо ахҭысқәа ҟалеит. Араҟа ахәшьарақәа зегьы афактқәа рыла ишьақәырҕәҕәазароуп. Ҳәарада, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы иашьашәалоу аструктурақәа Гахариа аекстрадициа иаҳәар рылшоит. Ҳара иҳахьыз ауп интересс исымоу, ачарҳәаҩ дызусҭада, Қырҭтәыла аилаҩынтәра аиаҿкаара иазықәҧода?», — иҳәеит Гиа Вольски.
Қырҭтәыла апрокуратура ҧасатәи аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ахара иднаҵеит. Абрифинг аҿы апрокурор хада ишиҳәаз ала, ари аус 2019 шықәса рашәара 20–21 рзы иҟалаз ахҭысқәеи Чорчана аепизоди ирыдҳәалоуп.
Гахариа идырҵаз ахаразы иазҧхьагәаҭоуп 13 шықәсанӡа аҭакра.