Қырҭтәыла апрокуратура Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр Гьаргь Гахариа изы ашьауҕатә ашьҭацалара иалагеит.
Иахьатәи абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла апрокурор хада Гьаргь Гваракиӡе.
Иара иажәақәа рыла, ари аус 2019 шықәса рашәара 20–21 рзы иҟалаз ахҭысқәеи Чорчана иҟалаз аепидозқәеи ирыдҳәалоуп. Лымкаала, араҟа апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз апротесттә акциаан ҩыџьа иреиҳаны ауааҧсыра ргәабзиара азарал ду азаагареи, иара убас, аполитикатә маҵзураҭыҧ аанызкыло ауаҩы ила изинмчқәа имцхәны рхархәареи иалацәажәоит.