Гьаргь Гахариа  - Амуниципалтә алхрақәа рылҵшәақәеи  «аҭынчратә ахҳәара» апровокациеи даҽазнык иҳдырбеит абоикот аполитикатә арена шҭанарцәыз,  ҳтәылауаа рхы рзымхьчо иаанхеит
Гьаргь Гахариа  - Амуниципалтә алхрақәа рылҵшәақәеи  «аҭынчратә ахҳәара» апровокациеи даҽазнык иҳдырбеит абоикот аполитикатә арена шҭанарцәыз,  ҳтәылауаа рхы рзымхьчо иаанхеит

«Иахьа ҳара, апартиа  «Қырҭтәылазы»,  апринциптә аӡбара ҳадаҳкылеит, ҳара, аполитикатә қәыҧшылара архынҳәреи ажәлар ргәаанагара азықәҧареи азыҳәан,  аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рҿгьы апарламент аҿгьы ҳмандатқәа ҳхы иаҳархәоит», — иҩит апартиа  «Гахариа — Қырҭтәылазы» алидер Гьаргь Гахариа асоциалтә аҳа Х аҿы.

Гахариа иажәақәа рыла, уажәшьҭа, зегьы еидгыланы, ақырҭуа жәлар рыгәрагара дырхынҳәроуп.

«2025 шықәса жьҭааразы имҩаҧгаз Амуниципалтә алхрақәа рылҵшәақәеи  «аҭынчратә ахҳәара» апровокациеи даҽазнык иҳдырбеит абоикот аполитикатә арена шҭанарцәыз,  ҳтәылауаа «Ақырҭуа гәахәтәы» апропагандеи арепрессиақәеи рҟынтә рхы рзымхьчо иаанхеит. Ари абоикот  «Ақырҭуа гәахәтәы» авторитартә напхгара арҕәҕәеит, арадикализациа ацнаҵеит. Уажәшьҭа,  ҳтәыла ацивилизациатә алхра ҳахьчарцаз,   ҳазынтәгьы ҳаидгыланы,  ақырҭуа жәлар рыгәрагара ҳархынҳәроуп», – иҩит Гьаргь Гахариа.