Михаил Саакашвили – Сара аҵыхәанӡа ахдырреи аусуралшареи сымазар сҭахуп, убри аҟынтә, аҳақьымцәа исзырылҩааз ахәышәқәа рыдкылара сақәшаҳаҭхеит
Михаил Саакашвили – Сара аҵыхәанӡа ахдырреи аусуралшареи сымазар сҭахуп, убри аҟынтә, аҳақьымцәа исзырылҩааз ахәышәқәа рыдкылара сақәшаҳаҭхеит

«Сара аҵыхәанӡа ахдырреи аусуралшареи сымазар сҭахуп, убри аҟынтә, аҳақьымцәа исзырылҩааз ахәышәқәа рыдкылара сақәшаҳаҭхеит», — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада ишәҟәы аҟны, уажәааны ари ашәҟәы ажурналистцәа дырзаҧхьеит Саакашвили идукат  Дито Садзаглишвили.

«Амлакра  иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп. Сшьаҿақәа зегьы хықәкык акәын  ирымаз   — ақырҭуа жәлар аӡмах аҭыҵраҿы срыцхраар сҭахын.  Сара аҳәарак мацарала   амлакра саҿуп, атәылаҿы аиашаӡбара шьақәгылар сҭахуп, адемократиатә процесс ҳазыхынҳәыр сҭахуп. Сара абахҭа сахьынӡаҭаку изакәызаалак фатәык сыдыскылом. Аха, аамҭакала,  Қырҭтәыла сацхраарц азыҳәан, аҵыхәанӡа ахдырреи аусуралшареи сымазар сҭахуп, убри аҟынтә, аҳақьымцәа исзырылҩааз ахәышәқәа рыдкылара сақәшаҳаҭхеит. Ажәлар рҽеидыркылеит, уажәы сҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, аоптимизм сылоуп», — иануп Саакашвили ишәҟәы аҟны.