Михаил Подолиак – Қырҭтәыла аиҳабыра аофициалла ирыдаагалоит Михаил Саакашвили ҳара дҳарҭарц ма  иарбанызаалак европатәи аҳәынҭқарра дарҭарц
Михаил Подолиак – Қырҭтәыла аиҳабыра аофициалла ирыдаагалоит Михаил Саакашвили ҳара дҳарҭарц ма  иарбанызаалак европатәи аҳәынҭқарра дарҭарц

Ҳара егьырҭ аҳәынҭқаррақәа русқәа ҳҽалаагалом, Қырҭтәыла аиҳабыра аофициалла ирыдаагалоит Михаил Саакашвили дҳарҭарц, — иҳәеит Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Михаил Подолиак.

Иара иажәақәа рыла, Украина апозициа абас ауп ишыҟоу: Қырҭәтыла анапхгара Саакашвили Украина дарҭар рҭахымзар, иарбанызаалак даҽа ҳәынҭқаррак дарҭар рылшоит.

«Украина ахада  Владимир Зеленский ипозициа еилкаауп  — Урыстәыла ҳаиҧшымкәа, ҳара егьырҭ аҳәынҭқаррақәа русқәа ҳҽалаагалом. Абжьагарақәа раҳҭом.  Ҳара аофициалтә аҩаӡараҟны Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдаагалоит Михаил Саакашвили дҳарҭарц. Сара Саакашвили пату иқәысҵоит, избаназар, иара аҭоурыхтә масшаб змоу хаҿуп.   Ҳофициалтә позициа абас иҟоуп  —  Саакашвили ихәшәтәразы дҳарҭааит. Уи Урыстәыла аган аҟынтә арра-агрессиатә алҵшәа ахылҵуам.  Ҳара дҳашәҭар шәҭахымзар, европатәи даҽа ҳәынҭқаррак дашәҭ.  Ҳофициалтә позициа абас ауп ишыҟу.

Хаҭала сара спозициа иаҳа арадикалтә ҟазшьа амоуп.  Қырҭтәыла аиҳабыра  атәыла ҧасатәи ахада хықәкыла абахҭаҿ дыршьыр рҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Имариоу абжьагарак шәысҭоит, иаартны ишәасҳәоит  — Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара, Урыстәыла бзиа избо анапхгаратә партиа, адепутатцәа,  Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ  ашәыта еиқәа ҳасабала шәаанхаратәы иҟашәымҵан.  Ишәҭахызар, сара схаҭа снеины дызгоит, уи проблемам. Мотивациас ирымоу еилыскаар сҭахуп», — иҳәеит  Подолиак.