Михаил Подолиак – Саакашвили ииагара азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, ҳара Қырҭтәыла анапхгара ҳрыҳәоит ииагара азин ҳарҭарц, Украинахь акәымзаргьы, даҽа тәылак аҿы ихәышәтәразы
«Ҳара Қырҭтәыла анапхгара ҳрыҳәоит ииагара азин ҳарҭарц, Украинахь акәымзаргьы, даҽа тәылак аҿы ихәышәтәразы», — иҳәеит Украина ахада иофис анапхгаҩы Михаил Подолиак «ТВ Пирвели» аинтервиу анеиҭоз.
Иара иҳәамҭала, Саакашвили Қырҭтәылантә ииагара азҵаара украинатәи аган рзы аҵакы ду амоуп.
«Саакашвили ииагара азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Украина ари азҵааразы активла аус ауеит. Ахада Зеленски Саакашвили идҳәаланы изныкымкәа игәаанагара иҳәахьеит, избанзар, иара Украина атәылауаҩс дҳаҧхьаӡоит. Европатәи америкатәи ҳколлегацәеи ҳареи даҽазнык Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит: Украинахь акәымзаргьы, даҽа тәылакахь ихәшәтәразы ииагара азин ҳарҭарц. Ҳәарада, сара сзы Михаил Саакашвили иҧсҭазаара аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Подолиак.