Михаил Подолиак - Владимир Зеленски Урыстәыла ахаҭарнакцәа рҟынтә Владимир Путин заҵәык диҧылоит
Украина ахада Владимир Зеленски Урыстәыла ахаҭарнакцәа рҟынтә Владимир Путин заҵәы диҧылоит, – иҳәеит Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ Михаил Подолиак „Иуҭуб-канал“ адырраҭара The Breakfast Show аинтервиу аҿы.
„Путин заҵәы иоуп аибашьра аанкылара иазку аӡбара адкылара зылшо“, – иҳәеит Украина ахада иофис ахаҭарнак.
Подолиак иажәақәа рыла, егьирахь, иарбанзаалак аиҧылара аҵакы амам.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәыла ахада Владимир Путин лаҵара 15 рзы Сҭампыл урыстәыла-украинатә ишиашо аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара аинициативала дықәгылеит. Ари азҵаара иадҳәаланы Украина ахада ишиҳәаз ала, лаҵара 15 рзы Сҭампыл Путин ихаҭа дизыҧшуеит. Лаҵара 15 рзы Сҭампыл днеир ҟалап Америка ахада Дональд Трампгьы.