Михаил Подолиак иҳәамҭала,   «қьырсатәи аамҭалатәи аинышәара» алаҳәара иазкны аурыс патриарх иҟаиҵаз ааҧхьара  — «ацәгьахыҧхамшьаратә ашьацҳәоуп»
Михаил Подолиак иҳәамҭала,   «қьырсатәи аамҭалатәи аинышәара» алаҳәара иазкны аурыс патриарх иҟаиҵаз ааҧхьара  — «ацәгьахыҧхамшьаратә ашьацҳәоуп»

Михаил Подолиак иҳәамҭала,   «қьырсатәи аамҭалатәи аинышәара» алаҳәара иазкны аурыс патриарх иҟаиҵаз ааҧхьара  — «ацәгьахыҧхамшьаратә ашьацҳәоуп».  Украина ахада иофис абжьагаҩ ари атәы иҩит Twitter аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Аиашахаҵаратә уахәама аглобалтә аиашахаҵаразы аҳаҭыр  амам, уи  «аибашьра апропаганда ҟанаҵоит».

Подолиак ишазгәеиҭаз ала, урыстәылатәи ауахәама изныкымкәа ааҧхьара ҟанаҵахьеит украинаа ргеноциди, амассатә ауаҩшьрақәеи, Урыстәыла амилитаризациеи азы.

Ажьырныҳәа 5 рзы Апатриарх Кирилл ааҧхьара ҟаиҵеит Украинаҟны  «қьырсатәи аамҭалатәи аинышәара» алаҳәаразы,  «аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы Қьырса аныҳәамш азы аныхабаашҟа анеира рылшарц азыҳәан».