Михаил Подолиак  - Украина Саакашвили идкылареи, ишәарҭадара ахьчареи, иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи иазыхиоуп, Қырҭтәыла-  алхра  иаша ҟаҵа
Михаил Подолиак  - Украина Саакашвили идкылареи, ишәарҭадара ахьчареи, иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи иазыхиоуп, Қырҭтәыла-  алхра  иаша ҟаҵа

«Украина Саакашвили идкылареи, ишәарҭадара ахьчареи, иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи иазыхиоуп, Қырҭтәыла,  алхра  ииаша ҟаҵа», — иҩит  Twitter аҿы Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Михаил Подолиак.

«Иудыруа ауаҩҧсы ателехәаҧшра ишиашо ицо аефираҿ дышҧсуа узахәаҧшуам. Ацивилизациатә дунеи зегьы аҿаҧхьа Қырҭтәыла аҭоурыхи атәыла ахадеи дшыршьуа ахәаҧшра уадаҩуп. Украина Саакашвили идкылареи, ишәарҭадара ахьчареи, иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи иазыхиоуп, Қырҭтәыла,  алхра  ииаша ҟаҵа», — иҩит Подолиак.