Михаил Подолиак  — Украина аҳаираҿ амца аанкылара алацәажәара иазыхиоуп
Михаил Подолиак  — Украина аҳаираҿ амца аанкылара алацәажәара иазыхиоуп

Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ Михаил Подолиак  иҳәамҭала, Украина аҳаираҿ амца аанкылара азҵаара ахәаҧшра иазыхиоуп. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит италиатәи АИХқәа аинтервиу анриҭоз.

«Украина ари асценари ахәаҧшра иазыхиоуп ареалтә аиҿцәажәарақәа ралагаратә етап аҳасабала», — иҳәеит  Подолиак.

Аха, Подолиак ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла астратегиатә авиациеи адронқәеи рхархәара аҟәыҵра иақәшаҳаҭхап  ҳәа игәы иаанагом.

«Аҳаиртә жәылара  — дара рзы ахархәага хадоуп, убри алоуп Москва апсихологиатә ганахьала  Украина излақәыҕәҕәо, абри ауп ҳпозициазы анырра змоу», — иҳәеит Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ.