Михаил Подолиак – Жәабеибжаки мза ҵит аибашьра иалагеижьҭеи,  аха,  Қырҭтәыла аиҳабыра уажәгьы ирзеилымкааит изыдгылаша
Михаил Подолиак – Жәабеибжаки мза ҵит аибашьра иалагеижьҭеи,  аха,  Қырҭтәыла аиҳабыра уажәгьы ирзеилымкааит изыдгылаша

Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ  Михаил Подолиак аҭак ҟаиҵеит Украина азенит-ракетатә комплекс  «Бук» аҭаразы Қырҭтәыла мапкразы.  «Голованов» иацәажәараан иара Украинеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит.

«Сара Қырҭтәыла абас сазныҟәоит. Ианаамҭаз ақырҭуа жәлар атәыла анапхгара аналырхуаз агха ҟарҵеит. Иванишвили ихьӡ зху аиҳабыра Урыстәыла иахәҧаҧшуеит,  аенергетикатә зҵаарақәа рыӡбара иақәгәыҕуеит,   2008 шықәсатәи аибашьра намгӡахап ҳәа игәыҕуеит», — иҳәеит  Подолиак.

Иара иажәақәа рыла, қырҭәтыла уажәтәи анапхгараҟны аиқәшаҳаҭхара ҟалом,  избанзар,   «дара даҽа лабҿабарак аҿы иҟоуп».

«Жәабеибжаки мза ҵит аибашьра иалагеижьҭеи,  аха,  Қырҭтәыла аиҳабыра уажәгьы ирзеилымкааит изыдгылаша», — иҳәеит  Подолиак.