Михаил Подолиак - Евгени Прогожин иара ихаҭа ихы ҭаирхеит
Михаил Подолиак - Евгени Прогожин иара ихаҭа ихы ҭаирхеит

«Евгени  Прогожин иара ихаҭа ихы ҭаирхеит», — иҳәеит Украина ахада иофис анапхгаҩы  Михаил Подолиак.

«Путин  игыгшәыгтә ашәара аӡәгьы ианеижьуам, уи еилкаауп, иара изыманшәалаз аамҭа дазыҧшын.  Пригожин, Лукашенкои Путини иарҳәаз дақәгәыҕны,  иара ихаҭа ихы ҭаирхеит. Арратә аарҳәра аҽазкра ашьҭахь  Пригожин ишьра афакт  арбаратә хықәкы амоуп  –  Путин 2024 шықәсатәи алхрақәа раҧхьа урыстәылатәи аелита адырра риҭеит», — иҩит  Подолиак  «Твиттер» аҿы.