Мариам Қвривишвили – Китаиҟа еиҧырҟьам ареисқәа еиҭашьақәгылахоит  2023 шықәса инаркны
Мариам Қвривишвили – Китаиҟа еиҧырҟьам ареисқәа еиҭашьақәгылахоит  2023 шықәса инаркны

Китаити жәлартә республика иреиҕьу авиаеилахәырақәа иреиу China Southern Airlines Қырҭтәыла ахырхарҭала еиҧырҟьам ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит. Ари азҵаара иазкны иахьа аҳәамҭа ҟалҵеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ  Мариам Қвривишвили.

Урумчи-Қарҭ-Урумчи еиҧыҟьам ареисқәа иалагоит  2023 шықәса ажьырныҳа инаркны. Ареисқәа мҩаҧгахоит мчыбжьыкала знык, ахәашазы, аӡынтә навигациа анҵәамҭанӡа,  —  2023 шықәса хәажәкыра 25-нӡа.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.