Мака Боҷоришвили – Аоппозициа ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарра иаҿагыло ақәҧара активла иалахәуп, дара ахаангьы Қырҭтәыла иахәаша акы ҟарымҵацт
Мака Боҷоришвили – Аоппозициа ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарра иаҿагыло ақәҧара активла иалахәуп, дара ахаангьы Қырҭтәыла иахәаша акы ҟарымҵацт

2012–2025 шықәсқәа рзы политикцәақәак Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә хықәкқәа ирҿагыланы имҩаҧыргоз аусура иахьахәаҧшуа Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәараҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили илзыӡырҩуеит.

«Аполитикатә ганахьала аинтерес ду аҵоуп Евроеидгылаҟны аусеицура аҧышәа.  Сара апарламентаҿ ҧшьышықәса ирылагӡаны евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомитет сахагылан, атәыла ашәарҭадареи евроинтеграциеи  аиқәыршәараҿы алагала ду аҟаҵара алшара сыман. Арҭ ҧшьышықәса аҵакы ду рыман, избанзар, ари аамҭа иалагӡаны, ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылаз апроблемақәеи аҳасабтәқәеи аарҧшын. Лабҿаба иубарҭахеит Қырҭтәыла ахырхарҭала изакәытә процессқәоу имҩаҧысуаз, насгьы, арҭ апроцессқәа рҿы доусы инаигӡоз арольгьы иубарҭахеит», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.

Лара лажәақәа рыла,  «ақырҭуа политикцәа ҳәа зхы зыҧхьаӡо лколлегацәа рхатә ҳәынҭқарра иаҿагыланы иқәҧоит».

«Рыцҳарас иҟалаз, ақырҭуа политикцәа ҳәа зхы зыҧхьаӡо, увара итәоу уколлегацәа рхатә ҳәынҭқарра иаҿагыланы иқәҧоит. Ҳәарада, уи ахәаҧшра уадаҩуп.  Сара сызхагылаз 2 делегациак рҿы  —  Евроеидгыла–Қырҭтәыла  (EU-GEORGIA PAC) апарламенттә ассоциациа акомитети, иара убас, Евронест Апарламенттә ассамлеиеи рҿы аоппозициа ахаҭарнакцәа иҟан, дара аусуразы азинтә ашьаҭагьы алшарагьы рыман. Аха, ахаангьы Қырҭтәыла иахәаша ак ҟарымҵацт», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.