Мака Боҷоришвили - Ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳыбареи иреиҕьны аӡәгьы издырӡом  ҳтәыла изакәытә амҩеихысырҭоу изҭагыло, ҳара ҧатәи алашьцареи абри аҩыза ақәмақаррақәеи ҳҭахым
Мака Боҷоришвили - Ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳыбареи иреиҕьны аӡәгьы издырӡом  ҳтәыла изакәытә амҩеихысырҭоу изҭагыло, ҳара ҧатәи алашьцареи абри аҩыза ақәмақаррақәеи ҳҭахым

Ҳара, ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳыбареи иҳаиҕьны аӡәгьы издырӡом  ҳтәыла изакәытә амҩеихысырҭоу изҭагыло, .Ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аарҧшуп Қырҭтәыла аиҳабыра ралхра ала,   адемократиатә дунеи аҿы ари алхра ажәлар ргәазыҳәара аанарҧшуеит», — илҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински даниҧыла ашьҭахь.

Боҷоришвили лҳәамҭала, атәыла анапхгара роуп дара  «абас хьаас ирымоу» ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аазырҧшуа.

«Ҳара, ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳыбареи иҳаиҕьны аӡәгьы издырӡом  ҳтәыла изакәытә амҩеихысырҭоу изҭагыло. Ҳшәарҭадара аиқәыршәаразы  агәҽанызаареи аҭышәынтәалареи ҳҭахуп. Ҳара иҳаиҕьны аӡәгьы издырӡом ауаажәларра аполиаризациеи арадикалтә усхәаҧштә адгылареи шаҳҭахым. Иара убас  “ҧасатәи алашьцареи” абри аҩыза ақәмақаррақәеи ҳҭахым. Бриуссель иҟарҵо ашьаҿақәеи аҳәамҭақәеи хуаажәларраҿы аполиаризациа арҕәҕәара мацара иазкуп.

Қырҭтәыла узықәгәыҕша партниоруп. Қырҭтәыла Евроеидгыла аинтересқәа ирҧырхагахаша шьаҿакгьы ҟанамҵеит. Дара рҟынтәгьы абри аҩызаҵәҟьа азнеишьа ҳҭахуп, аха, макьана уи ҳбом », — илҳәеит аминистр.