Мака Боҷоришвили – Адиаспораҟны аизыҟазаашьақәа ҳара ҳзы аҧыжәара рымоуп, абызшәа аҵареи аҧсадгьыл аҟны аимадара арҕәҕәареи иазку апроект ҿыцқәа иҟоуп
Мака Боҷоришвили – Адиаспораҟны аизыҟазаашьақәа ҳара ҳзы аҧыжәара рымоуп, абызшәа аҵареи аҧсадгьыл аҟны аимадара арҕәҕәареи иазку апроект ҿыцқәа иҟоуп

«Аҧсадгьыл аҟны аимадара алшара аиқәыршәаразы, адисапора ахаҭарнакцәа ҳарҧылалароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Америка лвизитаан.

Лара лажәақәа рыла, адиаспора ахаҭарнакцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара иҟазароуп, атәыла анапхгара рзы уи аҵакы ду амоуп.

«Адиаспора рҟны аимадара  — ҳтәыла анапхгара рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп. Уажәааны ҳара Адиаспора амш азгәаҭаны, апроект ҿыцқәа цәыраагеит. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа апроект ҿыцқәа рыдаагалеит. Арҭ апроектқәа абызшәа аҵареи излауаала аҧсадгьыл аҟны аимадарақәа рырҕәҕәареи иазкуп. Ҳәарада, арҭ апроектқәа рыла иазҧхьагәаҭоуп адиаспора рыгәҭа Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама ароль аизырҳара. Лассы-лассы абри ауп ҳмилаҭреи, ҳкультуреи, ҳдоуҳатәреи ахьчараҿы ирыцхраауа. Аҧсадгьыл аҟны аимадара алшара аиқәыршәаразы, адисапора ахаҭарнакцәа ҳарҧылалароуп», — илҳәеит  Боҷоришвили.