Мака Боҷоришвили Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа  Чарльз Иокии Питер Андреолии дырҧылеит
Мака Боҷоришвили Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа  Чарльз Иокии Питер Андреолии дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩи адәныҟатәи аусқәа рминистри Мака Боҷоришвили Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа  Чарльз Иокии Питер Андреолии дырҧылеит.

Қырҭтәыла адәныҟатиә аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  аиҧылараҿы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара апартниорра аперспективақәеи ирылацәажәеит. Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рызун   «Абжьаратә корридори» арегионалтә аимадаратәи атранспорттәи центр аҳасабала Қыҭтәыла инанагӡо ароли.

«Иаҵшьны иазгәаҭан Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аҩ-ганк ишьақәдырҕәҕәеит ҩ-ганктәи аусеицура арҕәҕәаразы аусура анагӡара ишазыхиоу», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.