Андреи Сибига Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит  - „Қырҭтәылантә иҳамоу адгылара гәыкала ахә ҳшьоит“
Андреи Сибига Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит  - „Қырҭтәылантә иҳамоу адгылара гәыкала ахә ҳшьоит“

 

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибига ақырҭуа иколлега  Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит.

„Ҳаҭыр зқәу аминистр, ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш. Украинааи ақырҭуааи ртрадициатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит аилибакаареи, аидгылареи, патуеиқәҵареи рышьаҭала. Иахьа ари афакт аҵакы ҷыда амоуп Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго аибашьреи Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа рымпыҵахалареи аконтекст аҿы.  Ҳара Украинеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Украина иадҳәалоу аинициативақәеи рганахьала Қырҭтәылантә иҳамоу адгылара гәыкала ахә ҳшьоит. Украинаа ирывагыланы, абџьар шьҭыхны,  Украина ахьыҧшымреи иахзеиҧшу ашәарҭадареи  зыхьчо зқьҩыла ақырҭуаа   ҷыдала пату рықәаҳҵоит. Украина Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны шәтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Агәра ганы сыҟоуп, ҳзеиҧш ҽазышәарала, украинааи ақырҭуааи ҳтәылақәа рҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара шрылшо. Ҳаҭыр зқәу аминистр, шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит, ақырҭуа жәлар аҭынчреи, абзиареи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьоит“, – иануп Сибига ишәҟәы аҟны.