Мака Боҷоришвили - Ҳара Абжьаратә корридор аҳасабала ҳрегион аҿиара ҳаналацәажәо, Азербаиџьан аҟны аизыҟазаашьақәа аҵакы ҷыда ранаҳшьоит 
Мака Боҷоришвили - Ҳара Абжьаратә корридор аҳасабала ҳрегион аҿиара ҳаналацәажәо, Азербаиџьан аҟны аизыҟазаашьақәа аҵакы ҷыда ранаҳшьоит 

«Азербаиџьан ҳара ҳзы зҵакы дуу астратегиатә партниоруп. Абжьаратә корридор аҳасабала ҳрегион аҿиара ҳаналацәажәо, Азербаиџьан аҟны аизыҟазаашьақәа аҵакы ҷыда ранаҳшьоит. Абри аконтекст аҿы, иахьа  зҵакы дуу аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылеит», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.

Лара ишылҳәаз ала, Қырҭтәылазы  ахадаратә ҵакы амоуп ахатә транзиттә потенциал инаӡаны ахархәара.

«Атранзиттә потенциал иадҳәалоу атемақәа инарываргыланы, ҩ-тәылак рыбжьара апассаџьыртә дәыҕбақәа реиҭаҵра аиҭашьақәыргылара иазкны азербаиџьантәи аган ирыдыркылаз аӡбарагьы аҵакы ду амоуп.

Ҳрегион атәылақәа мацара ракәымкәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы  Қырҭтәыла атранзиттә потенциал иазҿлымҳауп. Африкатә континентаҿ иҟоу апотенциал азҳара иаҿуп, ҳаргьы ари апотенциал ииашаны ҳхы иаҳархәароуп. Ари аганахьала Кениа ахадеи ҳареи ҳаиҧылара аҵакы ду аман», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.