Мака Боҷоришвили лҳәамҭала, лаҵарамзазы Қырҭтәыла иаҭаауеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили лҳәамҭала, лаҵарамзазы Қырҭтәыла иаҭаауеит Америка аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аҳәамҭа ҟалҵеит Актәи аканал адырраҭара „Амш атема“ аҿы.
Боҷоришвили лажәақәа рыла, Қырҭтәыла Американтә аконкреттә шьаҿақәа ирзыҧшуп. „Лаҵарамзазы Қырҭтәыла иаҭаауеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа. Дара Қырҭтәыла анапхгара еиуеиҧшым ахаҭарнакцәа ирҧылоит. Америка аконкреттә шьаҿақәа ҟанаҵоит. Иакымкәа аконсультациақәеи аиҧыларақәеи мҩаҧаагеит, иара убас, аҧыза-министр ҭелла изасит, Вашингтони Қарҭи авизитқәа мҩаҧган. Лаҵарамзазы анеҩстәи ашьаҿақәеи аконсультациақәеи ҳрызҧшуп.
Мшаҧы азы Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак Қырҭтәыла даҭааит. Аконсультациақәа мҩаҧган, саргьы сиҧылеит, иара Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәагьы дырҧылеит. Абри авизит анеҩс, Қырҭтәыла аҧыза-министри аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи ҭелла еицәажәеит. Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы абри аҩыза апрогресс иҟоуп. Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩгьы иазгәеиҭеит ҳаизыҟазаашьақәа ирыдҳәаланы Трамп иадминистрациа ироуз аҭынха шыуадаҩу, абарҭ ашьаҿақәа рыҟаҵара мариамызт. Гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп ари апроцесс ишалагаз, ҳара аишәа ҳахатәаны, Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәар ҳалшоит, уи аҵакы ду амоуп“, – илҳәеит Мака Боҷоришвили.