Мака Боҷоришвили  Павел Ҳерчински  диҧылоит
Мака Боҷоришвили  Павел Ҳерчински  диҧылоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили  Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински  диҧылоит.

Аиҧылара мҩаҧысуеит Авлабар иҟоу арезиденциаҿы.

Ҳерчински иҧхьеит мышқәак раҧхьа иара Бриуссель иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы. Ҳерчински иҳәеит: «Қырҭтәыла амҩеихысырҭаҿ игылоуп, ари атәыла    аҧеиҧш макьана иӡбам. Аха, анеҩстәи амчыбжьқәеи амзақәеи рзы ирыдыркыло аӡбара ҳәаақәнаҵоит Қырҭтәыла адемократиеи, азакәан ахадареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рышьаҭала ишьақәгылаз европатәи аҭаацәара иалахәхәо, мамзаргьы, ҧаса изҭагылаз аамҭа лашьца иазыхынҳәоу. Акоуп ақырҭуа жәлар ирасҳәар исҭаху  – „агәыҕра шәцәымӡааит“.  Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи  аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра  алҳмыршароуп. Дара иаҳа еиҕьу аразҟы рымазароуп. Атәыла анапхгара ҳара аус ҳацура шырҭаху аадырҧшыр, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз».

Мшаҧы 23 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  «Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа жәлар дрықәмақаруеит атәылауаҩратә еибашьреи  аҕарреи рыла. Убри аҟынтә, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьатәуп».