Мака Боҷоришвили - Ҳара ҳҿаҧхьа акрызҵазкәа апроблемақәа иқәгылоуп, арҭ апроблемақәа рыӡбаразы азнеишьа иашеи, аинновациатә аӡбарақәеи, аҕәҕәареи аҭахуп
Қырҭтәыла иамоу аҧышәа ибзиаӡаны иаҳнарбоит ОБСЕ аусура ҵакыс иамоу. Ҳтәыла ашәарҭадара аганахьала апроблемақәа амоуп, ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит зҭыҧ иқәҵам аимакқәеи, асуверенитет аилагареи, аимак алахәылацәа рыбжьара агәреибагара аҟамзаареи изакәытә алҵшәоу иахылҵуа. Урыстәыла Қырҭтәыла ҩ-регионк рымпыҵахалара нанагӡоит, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили. Лара Қырҭтәыла анапхгарала Вена имҩаҧысуа ОБСЕ афорум далахәып.
„Ҳара ОБСЕ аҵакыра зегьы аҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи рырҕәҕәаразы аконструктивтә алахәызаареи апрактикатә шьаҿақәа рыҟаҵареи ҳазыхиоуп. Уи иаанагоит еиҧҟьарада аҽалархәреи, агәреибагара аиҭашьақәыргылареи, иҵаҵгәырку аргументқәа разыӡырҩреи рықәҿыҭреи. Ашәарҭадаразы аусеицура афорум аконструктивтә диалоги апрактикатә аӡбарақәа рыдкылареи азы платформас иҟалароуп, Қырҭтәыла уи аиқәыршәара иазыхиоуп“, – илҳәеит Боҷоришвили.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ОБСЕ афорум аҿы данықәгылоз, Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәагьы дрылацәажәеит.
„Ҳара ҳҿаҧхьа акрызҵазкәа апроблемақәа иқәгылоуп, арҭ апроблемақәа рыӡбаразы азнеишьа иашеи, аинновациатә аӡбарақәеи, аҕәҕәареи аҭахуп. Иара убас, азеиҧш ҽазышәареи, аусеицуреи, ОБСЕ аҵакы иашьашәаланы патуеиқәҵарала аусуреи аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла ари афорум аҿы ахантәаҩра иалагоит аҭакҧхықәра дула, ҳара аганрацәалатә аусеицура ҳазыхиоуп. Ари афорум иалаҳәы аҳәынҭқаррақәа зегьы рҟынтә аусеицура ҳазыҧшуп. Уи иаҳзеиҧшу ахықәкқәа рынагӡаразы, ҳрегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи реиқәыршәаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп“, – илҳәеит аминистр.