Иракли Кобахиӡе  - Уажәтәи аизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Кырзысҭан иазныҟәеит зҵакы дуу игәрагоу апартниор мацареиҧш акәымкәа, аиҩызаратә тәыла аҳасабалагьы  
Иракли Кобахиӡе  - Уажәтәи аизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Кырзысҭан иазныҟәеит зҵакы дуу игәрагоу апартниор мацареиҧш акәымкәа, аиҩызаратә тәыла аҳасабалагьы  

 

Уажәтәи аполитикатәи аекономикатәи  аизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Кырзысҭан иазныҟәеит зҵакы дуу игәрагоу апартниор мацареиҧш акәымкәа, аиҩызаратә тәыла аҳасабалагьы, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Кыргызҭан ахада Садир Жапарови иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, Кыргызҭан имҩаҧысуа авизит ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит.

„Аофициалтә визитла Кыргысҭантәи ареспублика аҭаара сара сзы ҳаҭыр дууп. Ҳажәларқәеи ҳтәылақәеи аҭоурыхтә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, аха, ишазгәаҭаз ала, ҳтәылақәа рыбжьара зыҩаӡара ҳараку раҧхьатәи аофициалтә визит мҩаҧысуеит, убри аҟынтә, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари авизит аҭоурыхтә ҵакы шамоу.

Агәра ганы сыҟоуп ари авизит Қырҭтәылеи Кыргысҭани реизыҟазаашьақәа рырҭбаара ишацхраауа. Ҳаиҧылара аинтерес ду аҵан. Ҳара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи, арегионалтәии жәларбжьаратәии аусхәаҧш иаҵанакәа еиуеиҧшым азҵаарақәеи ҳрылацәажәеит. Сареи Кыргысҭан ахадеи наҟ-наҟ ҳусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи иацхраауа иакымкәа ҩ-ганктәи адокументқәа ҳнапы рыҵааҩит.

Ҳҩызцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп гәыкала ҳахьрыдыркылаз азыҳәан.

Уажәтәи аполитикатәи аекономикатәи  аизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Кырзысҭан иазныҟәеит зҵакы дуу игәрагоу апартниор мацареиҧш акәымкәа, аиҩызаратә тәыла аҳасабалагьы.

Ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа русхәаҧштә иаҵанаку азҵаарақәа ҳанрыхәаҧшуаз, хшыҩзышьҭра ҷыда рызун ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи наҟ-наҟ урҭ арҭбаара аҵаки. Ишазгәаҭаз ала, ари аусеицура арҭбааразы апотенциал ду иҟоуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.