Садыр Жапаров – Қырҭтәыла аҧыза-министр Кыргызсҭан раҧхьатәи ивизит — аҭоурыхтә хҭысуп, ҳара зҵакы дуу ҩ-ганктәи азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, Қырҭтәыла —Кыргызсҭан азы зҵакы дуу партниоруп
«Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп сааҧхьара адкылареи аофициалтә визитла Кыргысҭантәи ареспублика аҭаареи азыҳәан. Қырҭтәыла аҧыза-министра Кыргызсҭан раҧхьатәи ивизит — аҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Кыргызсҭан ахада Садыр Жапаров Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Иара ишиҳәаз ала, атәылақәа реизыҟазаашьақәа шьақәгылеит патуеиқәҵареи агәреибагареи ашьаҭала, еиҧҟьарада аполитикатә диалог амҩаҧгара аҵакы ду амоуп.
«Қырҭтәыла —Кыргызсҭан азы зҵакы дуу партниоруп, ҳаизыҟазаашьақәа шьақәгылеит патуеиқәҵареи агәреибагареи ашьаҭала. Қырҭтәыла аҧыза-министра Кыргызсҭан раҧхьатәи ивизит — аҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аиашаз, Кыргысҭани Қырҭтәылеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа 34 шықәсатәи аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны ақырҭуа ҳҩызцәа аофициалтә визитла Кыргысҭан иаҭааит.
Иахьатәи ҳаиҿцәажәарақәа аиҩызаратә, аконструктивтә ҟазшьа рыман.
Ҳара зҵакы дуу ҩ-ганктәи зҵаарақәа ҳрылацәажәеит.
Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аполитикатә еизыҟазаашьақәа еснагь иҕәҕәан, агәреибагара ашьаҭала аҿиара иаҿын, убри аҟынтә, аусхкқәа зегьы рҿы аусеицура арҭбааразы ашьаҭа бзиа ҳамоуп. Ари аганахьала иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аполитикатә диалоги, аиҳабырабжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи рырҕәҕәара аҵакы ду шамоу», — иҳәеит Кыргызҭантәи ареспублика ахада.