Магнитски исиа автор  Билл Браудер ишиҳәаз ала, иара Михаил Саакашвили идукати Ҭемур Аласаниеи дырҧылеит
Магнитски исиа автор  Билл Браудер ишиҳәаз ала, иара Михаил Саакашвили идукати Ҭемур Аласаниеи дырҧылеит

Hermitage Capital агенералтә директор,  «Магнитски изку азакәан» аглобалтә кампаниа аҧшьазгаз  Билл Браудер Ҭемур Аласаниеи иареи реиҧылара иазку аинформациа алаирҵәеит.

«Уажәааны Ҭемыр Аласаниеи  ( Михаила Саакашвили ианшьа)  Массимо Д’Анџьелои  (Саакашвили идукат) сырҧылеит. Ҳара абахҭаҿ Михаил иргәаҟра иадҳәаланы «Магнитски исиа» арҭбаара ҳалацәажәеит.  Михаил аҧсра даҿуп, уажәазы аамҭа ахадаратә ҵакы амоуп», — иҩит  Билл Браудер.