Лиза Иасько – Украина апозициа абас ауп ишыҟоу – Саакашвили атәылашҟа дхынҳәыроуп, аха, ари азҵаара Қырҭтәыла анапхгареи уажәазы имҩаҧысуа ахҭысқәеи  роуп изхьыҧшу
Лиза Иасько – Украина апозициа абас ауп ишыҟоу – Саакашвили атәылашҟа дхынҳәыроуп, аха, ари азҵаара Қырҭтәыла анапхгареи уажәазы имҩаҧысуа ахҭысқәеи  роуп изхьыҧшу

Рыцҳарас иҟалаз, абахҭашҟа снеицыҧхьаӡа лабҿаба избоит Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа есааира ишыцәгьахо. Атәыла анапхгара ҽакала рхы мҩаҧыргар еиҕьын. Иҟарҵо ииашам, Саакашвили абахҭа дахьҭаку даараӡа иҧхашьароуп, иҭагылазаашьа есымша ицәгьахоит, — илҳәеит Рада адепутат  Лиза Иасько.

Лара лажәақәа рыла, Украина апозициа абас ауп ишыҟоу  — Саакашвили атәылашҟа дхынҳәыроуп.

«Алхрақәа шырҕьычыз аабоит. Уи ииашам, аха, ақәҧара наҳамгӡар, Михаил Саакашвили иҧсҭазаарагьы атәыла аҧеиҧшгьы ҳцәыӡуеит. Амедицинатә цхыраара иҭахуп. Ҳазлацәажәоз аклиникақәа рахь диагатәуп. Михаил Саакашвили доужьҭтәуп. Уи аҵакы ду амоуп.  Рыцҳарас иҟалаз, абахҭашҟа снеицыҧхьаӡа лабҿаба избоит Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа есааира ишыцәгьахо. Атәыла анапхгара ҽакала рхы мҩаҧыргар еиҕьын. Иҟарҵо ииашам, Саакашвили абахҭа дахьҭаку даараӡа иҧхашьароуп, иҭагылазаашьа есымша ицәгьахоит. Иара  20 кьыла игхахьеит,  иҭагылазаашьа есымша ицәгьахоит, Қырҭтәыла анапхгара уи азы аҭак рыҧхықәуп», — илҳәеит Иасько.