Иракли Ҕарибашвили – Михаил Саакашвили ауаҩытәыҩса изинқәа разықәҧаразы апремиа ианашьара ақырҭуа жәлар рхыччареи раҳаҭыр аларҟәреи ауп иаанаго
Иракли Ҕарибашвили – Михаил Саакашвили ауаҩытәыҩса изинқәа разықәҧаразы апремиа ианашьара ақырҭуа жәлар рхыччареи раҳаҭыр аларҟәреи ауп иаанаго

«Михаил Саакашвили ауаҩытәыҩса изинқәа разықәҧаразы апремиа ианашьара ақырҭуа жәлар рхыччареи раҳаҭыр аларҟәреи ауп иаанаго», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили ари апремиа иҭара – Норвегиа ауаа рацәа рышьразы иҭаку  Бреивик иарбанызаалак тәылак ала апремиа ианашьара еиҧшуп.

«2012 шықәсазы иаҳҧылаз алабҿабара ҿаасҭан, даараӡа ибааҧсын,  ацәгьауратә система ахаҭарнакцәа ауаа дыргәаҟуан, рцәа ҧырҽуан. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы норвегиатәи аиҿкаарак Саакашвили апремиа иананашьеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараҿы алҵшәақәа рзы. Уи ақырҭуа жәлар рхыччареи аҕьымӡҕ рыргареи ауп иаанаго.  Ҧасатәи авторитартә, адиктатортә напхгаҩы, ацәгьауратә система аҧызҵаз  Саакашвили ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараҿы алҵшәақәа рзы апремиа ианаршьеит, уи ухахьы иузаагом?! Уи ҳажәлар рхыччароуми иаанаго?!  Ишәгәалашәома Норвегиа Бреивик ауаа рацәа шишьыз. Иарбанызаалак тәылак ала Бреивик абри аҩыза апремиа ианашьара еиҧшуп.  Михаила Саакашвили  Гиргвлиани ишьра аҽалархәразы иус рыӡбеит. Иара ашьаарҵәыратә режим аҧиҵеит», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы иҩит ауаҩытәыҩса изинқәеи адемократиеи разықәҧаразы Норвегиантә анашьамҭа шиоуз.