Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Иракли Ҕарибашвили аҧкратә уснагӡатә изышьақәыргылра азҵаара иахәаҧшуеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Иракли Ҕарибашвили аҧкратә уснагӡатә изышьақәыргылра азҵаара иахәаҧшуеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Иракли Ҕарибашвили аҧкратә уснагӡатә изышьақәыргылра азҵаара иахәаҧшуеит. Ари азҵаара дахәаҧшуеит аӡбаҩ Ека Барбақаӡе.

Иракли Ҕарибашвили ихаҭагьы аӡбаратә процессаҿ дыҟоуп. Қырҭтәыла  ҧасатәи аҧыза-министр аилатәар ашьҭахь АИХқәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵар ҟалап.

Иахьа Қырҭтәыла апрокуратура Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  ахара иднаҵеит. Апрокуратура, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала, миллионк лари ақьыра ашәара иаҳәоит.

Ари аинформациа аладырҵәеит иахьа Қырҭтәыла апрокуратураҿ  имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Ари аус закәандарала ахашәала ду алегализациа афакт иазкуп.

Жьҭаара  17 рзы Иракли Ҕарибашвилии, Григол Лилуашвилии, Оҭар Ҧарцхалаӡеи, дара ирыдҳәалоу ахаҿқәеи рынхарҭаҩнқәа рҿы аимдара мҩаҧган. Апрокуратура адыррақәа рыла, уаҟа иаарҧшын еиуеиҧшым аелектронтә техникеи, адокументациеи, аҧара рацәеи.

Жьҭаара 22 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Антикоррупциатә агентраҿы ҧасатәи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҿахәы ихырхит, иара акыршықәса ирылагӡаны азакәандаратә хашәала шиоуаз иазхеиҵеит.