Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа апротесттә акциақәа раан иаанкылаз  Давиҭ Ломиӡеи Ҭемур Засохашвилии  4 шықәсеи фымзи аҭакра рықәнаҵеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа апротесттә акциақәа раан иаанкылаз  Давиҭ Ломиӡеи Ҭемур Засохашвилии  4 шықәсеи фымзи аҭакра рықәнаҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа апротесттә акциақәа раан иаанкылаз  Давиҭ Ломиӡеи Ҭемур Засохашвилии  4 шықәсеи фымзи аҭакра рықәнаҵеит.

Азыӡба рылалҳәеит аӡбаҩ Нино  Галусташвили.

Давиҭ Ломиӡеи Ҭемур Засохашвилии  2024 шықәса ҧхынҷкәын 1 азы иаанкылан. Апрокуратура адыррақәа рыла, Қарҭ, апарламент аҧхьа ҵхыбжьон апротесттә акциа анымҩаҧысуаз, дара Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы адепартамент аусзуҩцәа ирықәлан,  «Молотов икоктеильқәа» ргәыдырҵон. Убри амшала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәыз аӡыршәгатә машьына амца ацралеит.

Зыӡбахәы ҳәоу ауаа аполициа аусзуҩ иқәларазы ахара рыдуп, ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 4 шықәса инаркны 7 шықәсанӡа аҭакра.