Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Маҭе Девиӡе ҧшьышықәсеи фымзи аҭакра иқәнаҵеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Маҭе Девиӡе ҧшьышықәсеи фымзи аҭакра иқәнаҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Маҭе Девиӡе ҧшьышықәсеи фымзи аҭакра иқәнаҵеит.

Ари ақәҵара лыдылкылеит аӡбаҩ Нино  Галусташвили.

Азызба рыларҳәаанӡа Девиӡе аӡбарҭа ахыбра ддәылҵны иҳәеит: «Шәара шәызбарц азоуп иахьа абрахь сзааиз. Иахьа аҵыхәтәантәи мшызар ҟалап. Акыраамҭа ҳаибамбар ауеит.  Саргьы агәыҕра хәыҷык сымоуп, аха…  Сара Ҭелавинтә амитингқәа рахь сааит сҩызцәа срывагыланы ҭынч апротест ҟасҵарцаз. Абҵара  19 ашырҧазы, аформа зшәыз ауаа адәахьы иандәылҵ, иҟалаз сзеилымкааит, дара амч ахархәара ианалага, срақәҧеит.  Нас иҟалаз жәдыруеит.  Ҳара ҳахьдырхәоит шәара шәыҧшәма идҵақәа нашәыгӡаларц азыҳәан.   Саҭашәымҵан сҩызцәа, аха, ари ақәҵара сзазыӡыруам, сцароуп. Ҵыхәҧҵәара змам алашьцараҿы лашарак сашьҭоуп».

Маҭе Девиӡе 2024 шықәса абҵара 19 рзы Мелиқьишвили имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциа аан дааныркылеит. Иара аполициа аусзуҩ иҿагыларазы ахара идырҵеит.