Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа апротесттә акциаан аполицаицәа рықәларазы иаанкылаз ахаҿы аҭакра иқәнаҵеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа абҵара 19 рзы Мелиқишвили имҩадуаҿ имҩаҧысуаз апротесттә акциаан аполицаицәа рықәларазы иаанкылаз Маҭе Девиӡе аҭакра иқәнаҵеит.
Девиӡе иҭакра апрокуратура иаҳәон. Ари аус азы апрокурор Ани Хубеџьашвили лҳәамҭала, авидеонҵамҭақәа ишьақәдырҕҕәоит ахара зду ауаҩы хҩык аполицаицәа дышрықәлаз.
Аӡбаратә процесс иалагаанӡа, Қырҭтәыла апрокуратура Мелиқишвили имҩадуаҿ имҩаҧысуаз апротесттә акциаан аполицаицәа рықәлара аазырҧшуа авидеонҵамҭа аланарҵәеит.