Аӡбарҭа Иракли Ҕарибашвили 30 мшы рыҩныҵҟала миллион лари ақьыра ашәара иқәнаҵеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, азакәандаратә хашәала ду алегализациа афакт азы, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала, миллионк лари ақьыра ашәара иқәнаҵеит. Ақәҵара рылалҳәеит аӡбаҩ Ека Барбақаӡе.
Аӡбарҭа апрокуратура аҳәара нанагӡеит. Ҧасатәи аҧыза-министр ари аҧара ишәароуп 30 мшы рыҩныҵҟала. Убри адагьы, иара аҳәаанырцәҟа ацара азин имам, ипаспорт имырхит.
Ҕарибашвили ихаҭа аилатәараҿы аҳәамҭа ҟаимҵеит.
Аӡбара аҧхьатәи аилатәара мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 16 рзы.
Жьҭаара 17 рзы Иракли Ҕарибашвилии, Григол Лилуашвилии, Оҭар Ҧарцхалаӡеи, дара ирыдҳәалоу ахаҿқәеи рынхарҭаҩнқәа рҿы аимдара мҩаҧган. Апрокуратура адыррақәа рыла, уаҟа иаарҧшын еиуеиҧшым аелектронтә техникеи, адокументациеи, аҧара рацәеи.
Жьҭаара 22 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Антикоррупциатә агентраҿы ҧасатәи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҿахәы ихырхит, иара акыршықәса ирылагӡаны азакәандаратә хашәала шиоуаз иазхеиҵеит.